Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа ҳаҭырқәҵарала дымҩаԥыргеит

Алахьеиқәратә митинг мҩаԥысит Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны цәыббрамза 12 рзы.
Sputnik

Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагаразы арахь иааит атәыла анапхгара, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаарақәа рлахәылацәа, иуацәа, аус ицызуаз.

Геннади Гагәылиа дҭахеит мҩатә машәыр аан цәыббра 8 рзы. Аԥыза-министр анышә дамардеит цәыббра 12 рзы Лыхны ақыҭан. Атәыла анапхгара уи аҽны алахьеиқәра рыларҳәеит. Ахашаҽны атәыла абираҟқәа лашьҭын, акультуратә усҳәарҭақәеи ателерадиоеилахәырақәеи агәырӷьаратә уснагӡатәқәа аҟәырхит.