Алажәла еилаԥса: ашәарыцалақәа рцәыргақәҵа мҩаԥган Аҟәа

Ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи рреспубликатә еилазаара имҩаԥнагеит ашәарыцалақәа рцәыргақәҵа Аҟәа, цәыббрамза 15 рзы. Ацәыргақәҵахь инаган 30 рҟынӡа ла.
Sputnik

Ацәыргақәҵахь инаган 30 рҟынӡа лажәла еилаԥса: англиатәи поинтер, англиатәи сеттер, ирландиатәи сеттер, шотландиатәи сеттер, дратхаар, курцхаар. Алақәа ацәыргақәҵахь рнеира азин ҟаҵан аветеринартә гәаҭара ианахыс ашьҭахь.