Аиааира амш аламҭалаз Аԥсны иҭрыжьит агәалашәаратә ԥсар "Аиааира 25"

Агәалашәаратә ԥсар "Аиааира 25" Амилаҭтә банк иҭнажьхьо аԥсарқәа зегьы иреиҳауп. Иара хыԥхьаӡарала иԥкхоит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалаз Аԥсны иҭрыжьит агәалашәаратә ԥсар "Аиааира 25" ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Амилаҭтә банк адәныҟатәи аимадарақәа рзы амаҵзура аиҳабы Лиана Агрԥҳа.

Аԥсны Амилаҭтә Банк ақьаадтә ԥара ҭнажьит Аиааира 25-шықәса ахыҵра аламҭалаз

"100 аԥсарк зноминал ыҟоу агәалашәаратә ԥсар ҭрыжьуеит цәыббра 26 рзы. Иара авторс дыҟоуп Ҭимур Ҟаитан. Аԥсар аескиз шьақәдырӷәӷәеит Амилаҭтә банк аексперттә хеилак", — ҳәа еиҭалҳәоит Агрԥҳа.

Афон ҿыцтәи аберҭыԥ иазку аԥсар ашьҭахь ари аԥсар иҭыжьу иреиҳауп. Иара ҭыжьхоит 250 екземплиар ыҟаны.

"Амилаҭтә банк анапхгара ирыӡбеит аԥсар атираж ԥыркырц, усҟан иара еиҳа акраҵанакуа иҟалоит. Аахәара алшоит иарбанызаалак Аԥсны акоммерциатә банк аҿы, цәыббра 26-27 инаркны. Ахәԥса шьақәыргылахоит иахәҭоу аҳасабеилыргаратә ԥхьаӡарақәа анымҩаԥгахалак ашьҭахь", — лҳәеит лара.

Аԥсар араӡни (925) ахьи (999) ирылхуп, 155,5 грамм акапануеит. "1992-1993шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра" асериа иаҵанакуеит.