Аԥсны Амилаҭтә Банк ақьаадтә ԥара ҭнажьит Аиааира 25-шықәса ахыҵра аламҭалаз

© Sputnik Томас ТхайцукНациональный банк РА
Национальный банк РА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны Амилаҭтә Банк аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны ақьаадтә ҧара "Владислав Арӡынба" ҭнажьит Аиааира 25-шықәса ахыҵра аламҭалаз.

АҞӘА, цәыббра 18– Sputnik. Аҧсны Амилаҭтә Банк, Аҧсны ажәлар Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 25-шықәса ахыҵра иазку, 500 ҧсар (5 нызықь мааҭ) иҟоу, агәаларшәагатә аҧсуа қьаадтә ҧара "Владислав Арӡынба", аҧараеикәшаразы аҭыжьра алыршахеит ҳәа адырра аланарҵәеит Амилаҭтә банк асаит.

Раҧхьаӡатәи аҧсуа қьаадтә ҧара ахаҿытә ган аҿы Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба ихаҿсахьа арбахоит. Ахаҿсахьа иаҵаҩуп "Владислав Арӡынба" ҳәа. Ашьҭахьтәи ахәҭаҿы Аиааира абираҟ шьҭызхуа аԥсуа еибашьцәа рсахьа ануп.

© Фото : nb-raВыпуск в обращение памятной банкноты «Владислав Арӡынба»
Выпуск в обращение памятной банкноты «Владислав Арӡынба» - Sputnik Аҧсны
Выпуск в обращение памятной банкноты «Владислав Арӡынба»

Аԥара асахьақәа рҿы ахархәара амоуп аԥсуа милаҭтә орнамент. Абанкнота аган аарҳә аҿы Аԥсны ахсаала арбоуп, иубарҭоуп Аԥсны аҳҭнықалақь архитектуратә комплекс ацәаара, иануп аԥсышәала аҩыра "Нагӡара ақәзааит Аԥсынра".

Аԥара аҭыжьра Аҧсны ажәлар Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 25-шықәса ахыҵра иазкуп. Раҧхьаӡатәи аҧсуа қьаадтә ҧара аҭыжьра – ари Аҧсны Абанк азы мацара акәымкәа, Аҳәынҭқарра зегьы азы ҭоурыхтә хҭысуп.

Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа Facebook аҿтәи идаҟьаҿы иҩит абанкнота аиура алшоит Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы, цәыббрамза 30 инаркны ҳәа.

Абанк ахантәаҩы иажәақәа рыла, иарбоу ақьаад ҧара аҧараеикәшарахь алагалара арыцхә – цәыббрамза 29, 2018 шықәса, акупиура ашәагаа – 150x65 мм, атираж – 10 000 цыра. Абанкнота "Владислав Арӡынба" (Владислав Ардзинба) ақьаад шкәакәаҿ икьыԥхьуп, аԥшшәы акаҳуаԥшшәи ашьацԥшшәи рыла еилаӡҩоит.

© Фото : nb-raВыпуск в обращение памятной банкноты «Владислав Арӡынба»
Выпуск в обращение памятной банкноты «Владислав Арӡынба» - Sputnik Аҧсны
Выпуск в обращение памятной банкноты «Владислав Арӡынба»

Цәыббра 30 Аԥсны иазгәарҭоит 1992-1993шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира.

Аԥсни Қырҭтәылеи реибашьраан иҭахеит 3,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, 5000-ҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит, 200-ҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.

Ажәабжьқәа зегьы
0