"Даара акырӡа аҵанакуеит ари акциа. Афотосахьақәа ҳаманы ҳара ҳанрылсуа, ҳхы инаркны ҳшьапаҟынӡа иаҳныруеит иҭахаз рыԥсы лаша ҳшацу. Ауа-аҭынха рзы ари ԥсҭазааарак иеҩсуеит. Акциа хықәкы хадас иамоу — ахамышҭра ауп. Аибашьра иалахәыз уи хашҭшьа ҳамаӡам, аха изызҳауа аҿар идырбатәуп, идырҳатәуп агәалашәара аҵакы шамоу, аҭоурых аҿы инхарцаз арҭ ахьыӡқәа, ԥсра зқәым ахьыӡқәа", — ҳәа азгәалҭеит Беиа.