Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беиа "Ԥсра зқәым архәҭа" иазкны: иаҳныруеит иҭахаз рыԥсы лаша шҳацу

© Sputnik Мзия Бейа
Мзия Бейа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арӡынба ихьӡ зху аибашьра афырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рныҳәа 25-шықәса ахыҵра инамаданы акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" шымҩаԥысуа атәы.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Беиа "Ԥсра зқәым архәҭа" иазкны
"Даара акырӡа аҵанакуеит ари акциа. Афотосахьақәа ҳаманы ҳара ҳанрылсуа, ҳхы инаркны ҳшьапаҟынӡа иаҳныруеит  иҭахаз рыԥсы лаша ҳшацу. Ауа-аҭынха рзы ари ԥсҭазааарак иеҩсуеит. Акциа хықәкы хадас иамоу — ахамышҭра ауп. Аибашьра иалахәыз уи хашҭшьа ҳамаӡам, аха изызҳауа аҿар идырбатәуп, идырҳатәуп агәалашәара аҵакы шамоу, аҭоурых аҿы инхарцаз арҭ ахьыӡқәа, ԥсра зқәым ахьыӡқәа", — ҳәа азгәалҭеит Беиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0