Урыстәылауаа еиҳа аԥсшьара ахьырҭаху атәылақәа хәба ирылоуп Аԥсны

2018 шықәса актәи азыбжазы Урыстәыла атәылауаа бзиа ибаны иахьцо атәылақәа ируакхеит Аԥсны.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20— Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Ҭырқәтәыла, Аԥсны, Италиа — урыстәылатәи атуристцәа еиҳа изҭаауаз ракәны иалкаахеит 2018 шықәса актәи азыбжазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аналитикатә маҵзура ТурСтат адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ареитинг шьақәыргылоуп атуристцәа рҭаара анализ азура ашьҭахь.

Аԥсны ҭагалан аԥсшьара ахәԥса еиҵатәуп

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы 2018 шықәсазтәи аԥхынразы рыԥсы ршьеит 10,4 миллионҩык урыстәылатәи атуристцәа. Уи 5% рыла еиҳауп 2017 шықәсазы аасҭа. Шәача, Анапа, Геленџьик, Еиск еиҳа изҭаауа акурортқәа рсиа иануп.

Ҭырқәтәыла рыԥсы ршьеит 3,5 миллионҩык. Уи ҵыԥх аасҭа 40% еиҳауп. Еиҳа изҭаауа курортны иҟоуп Анталиа.

Аԥсны, 2017 шықәса раан еиԥш сынтәагьы иаҭааит 0,8 миллионҩык атуристцәа.

Италиаҟа ԥсшьараҳәа ицеит миллионбжак урыстәылаа.

Ҟрым иаҭааит 4,5 миллионҩык аԥсшьаҩцәа. Реиҳа бзиа ирбо ԥсшьарҭақәаны ишьоуп: Иалта, Алушҭа, Феодосиа, Евпаториа, Алуԥҟа.