Аиааира ахьӡала: Бзыԥҭа имҩаԥысит аҽырыҩреи, аҽырхәмарреи

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ихраҿа агаразы аиндаҭлара мҩаԥысуан Бзыԥҭатәи аҽырҩырҭаҿы, цәыббрамза 22 рзы.
Sputnik

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ихраҿа агаразы Жәларбжьаратәи атурнир быжь- дистанциак рыла еиқәыршәан. Аҳамҭақәагьы быжьба ыҟоуп: "Аԥсны аҽыҩҷқәынцәа раԥхьахә", "Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз рыхьӡала аԥхьахә", "Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ихьӡала аԥхьахә", "Аԥсны раԥхьатәи ахада игәалашәара ахьӡала аԥхьахә", "Аԥсны ахада иаԥхьахә", "Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара ахьӡала аԥхьахә".

Аҽырыҩра адагьы имҩаԥысит аҽы-спорттә еиндаҭларақәа.