Арадио

Ҳаџьымба: Аиааира згаз ажәлар еиҟәшазар ҟалаӡом

Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба дықәгылеит "Аиааирагаҩцәа реизара Ду" захьӡыз Аҟәа аминистрцәа реилазаара азал аҟны имҩаԥысыз аибашьра аветеранцәа реилатәараҟны.
Sputnik
Ҳаџьымба: Аиааира згаз ажәлар еиҟәшазар ҟалаӡом

"Аибашьра адәаҟны зегьы аӡәыкны ҳаидгылан, избанзар еилаҳкаауан ҳхықәкы ҵакыс иамаз. Аӷа дыԥхьаҳцар акәын, ҳтәыла еиқәырхатәын, аԥсреи аӡреи ирцәыхьчатәын аԥсуа жәлар, ҳаҩнаҭақәа, ҳҳәынҭқарреи   хкультуреи адунеи ианымӡаарц ҳаидгылар акәын зегьы. Ҳара аиааира агара ҳалшеит, избанзар ҳашиашаз ҳдыруан. Анцәа иаҳзалихыз адгьыл ахьчара иазкын ҳара ҳус. Аиааира ҳгеит, аха аҭынч ԥсҭазаара аиҿкаара мариаӡам. Убри аҟынтә зегьы ҳаидгыланы ашәарҭадара, амилаҭ азҩыдара, аекономикатә, асоциалтә ҿиаразы, аҳәынҭқарра азакәан, алеишәа, иара убас  Аԥсны жәларбжьаратәи апозициа ашьақәырӷәӷәара ҳазықәԥароуп. Аибашьра аветеранцәа аиааира агара зылшаз, хымԥада, иахьагьы шәылаԥш ахыуп аибашьра мца иалҵыз ҳаԥсадгьыл аҭагылазаашьа, уаҵәтәи аԥеиԥш ӷәыҵхас ишәымоуп. Хымԥада шәара шәоуп аԥхьа игылаша аҳәынҭқарра аҩныҵаҟа аиҭакры бзиақәа рымҩаԥгараҿы. Шәаргьы ҳаргьы аҭакԥхықәра ду ҳадуп ҳтәыла уаҵәтәи амш азы. Аиааира згаз ажәлар еиҟәшазар ҟалаӡом. Жәларык ироуз ацәыӡ, иргаз аиааира ҵакыдахоит аҭынч ԥсҭазаара анаҳзеиҿымкаа", — иҳәеит Ҳаџьымба.