"Аибашьра адәаҟны зегьы аӡәыкны ҳаидгылан, избанзар еилаҳкаауан ҳхықәкы ҵакыс иамаз. Аӷа дыԥхьаҳцар акәын, ҳтәыла еиқәырхатәын, аԥсреи аӡреи ирцәыхьчатәын аԥсуа жәлар, ҳаҩнаҭақәа, ҳҳәынҭқарреи хкультуреи адунеи ианымӡаарц ҳаидгылар акәын зегьы. Ҳара аиааира агара ҳалшеит, избанзар ҳашиашаз ҳдыруан. Анцәа иаҳзалихыз адгьыл ахьчара иазкын ҳара ҳус. Аиааира ҳгеит, аха аҭынч ԥсҭазаара аиҿкаара мариаӡам. Убри аҟынтә зегьы ҳаидгыланы ашәарҭадара, амилаҭ азҩыдара, аекономикатә, асоциалтә ҿиаразы, аҳәынҭқарра азакәан, алеишәа, иара убас Аԥсны жәларбжьаратәи апозициа ашьақәырӷәӷәара ҳазықәԥароуп. Аибашьра аветеранцәа аиааира агара зылшаз, хымԥада, иахьагьы шәылаԥш ахыуп аибашьра мца иалҵыз ҳаԥсадгьыл аҭагылазаашьа, уаҵәтәи аԥеиԥш ӷәыҵхас ишәымоуп. Хымԥада шәара шәоуп аԥхьа игылаша аҳәынҭқарра аҩныҵаҟа аиҭакры бзиақәа рымҩаԥгараҿы. Шәаргьы ҳаргьы аҭакԥхықәра ду ҳадуп ҳтәыла уаҵәтәи амш азы. Аиааира згаз ажәлар еиҟәшазар ҟалаӡом. Жәларык ироуз ацәыӡ, иргаз аиааира ҵакыдахоит аҭынч ԥсҭазаара анаҳзеиҿымкаа", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Ҳаџьымба: Аиааира згаз ажәлар еиҟәшазар ҟалаӡом
16:40 25.09.2018 (ирҿыцуп: 16:41 25.09.2018)
© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Абхазии Рауль Хаджимба на пленарном заседании на Международной конференции "10 лет признания: итоги и перспективы" в Сухуме в среду 22 августа
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба дықәгылеит "Аиааирагаҩцәа реизара Ду" захьӡыз Аҟәа аминистрцәа реилазаара азал аҟны имҩаԥысыз аибашьра аветеранцәа реилатәараҟны.
Ҳаџьымба: Аиааира згаз ажәлар еиҟәшазар ҟалаӡом