Иажәхьаз аобиект аҭыԥан: афымцастанциаҟәша "Гагра-1" аартын

Иажәхьаз аобиект аҭыԥан, 2017-2019 шықәсқәа рзтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа инақәыршәаны афымцастанциаҟәша "Гагра-1" аадыртит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афымцастанциаҟәша "Гагра-1" аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин. Алента ҟаԥшь еицԥырҟеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариеи.

Абри ашьҭахь "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа 2017 шықәса рзы зыргылара иалагаз аобиект аҩныҵҟа аекскурсиа мҩаԥигеит.

Открытие электроподстанции "Гагра-1"

Аслан Басариа атәыла ахадеи ацҳаражәҳәаҩи идирбеит аобиект ашьақәгылашьа, амаругақәа, ирзеиҭеиҳәеит аусурақәа шымҩаԥысуаз. Аслан Басариа иажәақәа рыла уаанӡа аобиект аҿы амыругақәа акыр иқәсхьан, рхархәара алымшо аҟынӡа инеины иҟан.

Ақалақь Гагра фымцалашарала еиқәдыршәоит астанциаҟәшақәа хԥа. Дара зегьы рыҟны Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программала аремонтқәа мҩаԥгоуп, шьаҭанкыла амыругақәа рҿыцуп ҳәа еиҭеиҳәеит адиректор хада.

Открытие электроподстанции "Гагра-1"

"Гагра-1" аҟны аусура дуқәа мҩаԥысит Аслан Басариа иажәәақәа рыла.

"Ари аобиект иалшоит ақалақь ахәҭак фымцалашарала еиԥҟьарада аиқәыршәара. Ахархәаҩ иҟынӡа афымцалашара неирц азы еиуеиԥшым ашьақәгылақәа ирхысуеит", — иҳәеит Басариа.

Астанциаҟәшаҿы амыругақәа иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟоуп, аусурақәа ракәзар ианамҭаз имҩаԥган ҳәа азгәеиҭеит иара.

Атәыла Ахада афымцалашара апроблема ӡбатәуп иҳәеит

"Уаанӡа иҟаз ауадаҩрақәа зегьы иахьазы иӡбахеит, иагьаԥырххеит", — ҳәа иҳәеит Аслан Басариа.

Иахәҭаны иахьыҟоу аҭыԥқәа зегьы рыҟны абасеиԥш иҟоу аусурақәа мҩаԥгахар афымцамч анашьҭра проблема аиуамызт ҳәа азгәеиҭеит иара.

Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит аобиект ишахәҭаз еиԥш аус адулара ахьеиҿыркааз. Иара убасгьы русура азгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа.

"Иазгәасҭар сҭахуп аусумҭа ахаҭабзиара. Гәыкала сеигәыӷуеит аобиект араион ауааԥсыра реиԥш ареспублика иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рызгьы хра аманы иҟалап ҳәа", — иҳәеит иара.

"Гагра-1" ахархәарахь ирыҭан 2018 шықәса цәыббра 1 азы. Иара ргылан 1957 шықәса рзы. Убри аахыс амыругақәеи ашьақәгылақәеи рымԥсахцызт. Аобиект иахҭынҵоуп 168 миллион мааҭ аԥара.