Арадио

Даур Латариа Аҟәа ахақәиҭҭәра иазкны: знык аҩнынӡа ҳнаӡандаз ҳәа ҳагәжәажәон

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Даур Латариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ахақәиҭтәра шыҟалаз.
Sputnik

"Аԥышәа ҳаман, ҳазыҟаҵан сентиабртәи ажәылара. Абысҟак ҳахганы ҳзыгәжәажәоз, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа знык ҳанзалаланы, знык аҩнынӡа ҳнаӡандаз, ҳгәылацәа ҳбандаз ҳәа акәын. Убри ҳазгәышьуан. Ҳаԥшын, адҵа анбаҳарҭои Аҟәа аҭарцәразы ҳәа. Ахаҵа дзииуа, иԥсадгьыл, иҭаацәа рыхьчараз ауп. Иҟаҳҵоз зыҟаҳҵоз зегьы иаадыруан", — ҳәа азгәаиҭеит Латариа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.