2019 шықәсазы аԥсуа делегациа Женеватәи аиҿцәажәарақәа ралахәразы аԥара азоужьхоит

Изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысуеит ахәаша, цәыббра 28 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 28— Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аминистрцәа реилазаара изаамҭанытәиу реилатәараҿ 2019 шықәсазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа аԥснытәи аделегациа алахәразы аԥаразоужьра шьақәнарӷәӷәеит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аформат иалацәажәеит

"Женеватәи аиҿцәажәарақәа жәашықәса инарзынаԥшуа имҩаԥысуеит. Аиҿцәажәарақәа ирус хаданы, ирхықәкни иҟоуп Аԥсныи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра", — иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Иара иҳәеит апрограмма аус шауа, 2018 шықәсазгьы уи хра аманы ишыҟоу шаанарԥшыз.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза аахыс. Иахьазы иароуп Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа еидтәаланы еилацәажәар ахьалшо ҭыԥны иҟоу.

Аиҿцәажәарақәа ирылахәуп Урыстәыла, ЕАШ, ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла рхаҭарнакцәа.