Арадио

Сангәылиа: Владислав Арӡынба идҵала Урыстәыла агастрольқәа рахь ҳцеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хаз игоу аимадаратә баталион иалаз актиор Сырбеи Сангәылиа арадио Sputnik аҟны игәалаиршәеит сентиабр 1993 шықәсазы Владислав Арӡынба идҵала Урыстәыла агастрольқәа шымҩаԥыргоз.
Sputnik
"Аибашьра иалахәыз, ихыҭҳәаам ахҭысқәа": Сангәылиа Аиааира алымҭалазтәи агастрольқәа ртәы

"Ажәылара аныҟалоз аламҭалазы ҳара ахырӷәӷәарҭақәа рҟынтәи ҳалбааргеит Арӡынба идҵала. Иҳаиҳәеит адунеи аҟны ирдырааит аԥсуаа рыԥсы ҭыхны, мчы рымамкәа еибашьуа акәымкәа, аҟазарагьы аус шадаауло рбааит ҳәа. Аспектакль "Махази" даҽа қәыргыламҭаки ҳаманы ҳдәықәырҵеит Москваҟа. Аиааира шыҟалаз ҳаҳаит Москвантәи Санкт-Петербургҟа амҩа ҳшықәыз. Ажәала аҳәара уадаҩуп, аԥсуа милаҭ еиқәхеит, рыԥсадгьыл ахы иақәиҭыртәит ҳәа анырҳәа убас агәырӷьара ду ҳазҵысит, автобус аанаҳкылеит, шәаҳәарахеит, кәашарахеит, ҳалаӷырӡи ҳгәырӷьареи еилаҵәеит", — иҳәеит Сангәылиа.