"Аибашьра иалахәыз, ихыҭҳәаам ахҭысқәа": Сангәылиа Аиааира алымҭалазтәи агастрольқәа ртәы
"Ажәылара аныҟалоз аламҭалазы ҳара ахырӷәӷәарҭақәа рҟынтәи ҳалбааргеит Арӡынба идҵала. Иҳаиҳәеит адунеи аҟны ирдырааит аԥсуаа рыԥсы ҭыхны, мчы рымамкәа еибашьуа акәымкәа, аҟазарагьы аус шадаауло рбааит ҳәа. Аспектакль "Махази" даҽа қәыргыламҭаки ҳаманы ҳдәықәырҵеит Москваҟа. Аиааира шыҟалаз ҳаҳаит Москвантәи Санкт-Петербургҟа амҩа ҳшықәыз. Ажәала аҳәара уадаҩуп, аԥсуа милаҭ еиқәхеит, рыԥсадгьыл ахы иақәиҭыртәит ҳәа анырҳәа убас агәырӷьара ду ҳазҵысит, автобус аанаҳкылеит, шәаҳәарахеит, кәашарахеит, ҳалаӷырӡи ҳгәырӷьареи еилаҵәеит", — иҳәеит Сангәылиа.