Афестиваль "Аԥсны" Москва ишымҩаԥысыз

Sputnik

Москватәи аԥсуа диаспора еиҿнакааз афестиваль апрограмма ибзиаӡаны иазхәыцын. Апарк иаҭаауаз асасцәа ирзеиҿкаан аԥсуа милаҭ чысқәеи, аҩқәеи, акаҳуеи ргьама абара рылшартә еиԥш аҭагылазаашьа. Иара абраҟа еизаз зегьы идырбан ԥсыуа ҵасла аҭаца дшаарго, ачараан ишьҭырхуа аныҳәаҿақәеи, ашәаҳәареи, акәашареи ацны. Москва ақалақьуаа аԥсуа культура рҽагәылархалартә еиԥш алшара бзиақәа рзаԥҵан.

Москва иаатит афестиваль "Аԥсны" >>

 

1 / 14
Афестиваль аҭааҩцәа Аԥсны бзиа ирбо ахәмарра - анард иасыр рылшон, Москва имҩаԥысуаз афестиваль аҟны.
2 / 14
Афестиваль аҭааҩцәа аԥслымӡ ршны акаҳуа рыздыршуан, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ишаԥу еиԥш.
3 / 14
Ахаҵа ауаса аҵәы иахаҵаны иӡуеит, Москва имҩаԥысыз аԥсуа кульура афестиваль аҟны.
4 / 14
Афестиваль "Аԥсны" иаҭааит аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа рацәаҩны. Афото аҟны - Асҭанда Чегьиаԥҳа.
5 / 14
Ахацәа милаҭ маҭәала еилаҳәаны аԥсуа культура атәы еиҭарҳәон.
6 / 14
Аԥсуа чара ацеремониа амҩаԥгараан аԥсуа ҿарацәа ықәԥраа икәашеит.
7 / 14
Москватәи аԥсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба афестиваль "Аԥсны" аҟны.
8 / 14
Афестиваль аҟны изҭахыз зегьы аԥсуа ҩқәа ргьама абареи раахәареи рылшон.
9 / 14
Афестиваль аҟны аԥсуа цәаҩа зыҟәну ахәмаргақәа рыҟаҵаразы амастер-класс мҩаԥыргон.
10 / 14
Афестиваль аҟны амузикантцәа ықәгылеит.
11 / 14
Афестиваль аҟны ԥсыуала ашәаҳәареи акәашареи рацәан.
12 / 14
Ԥсыуа ҵасла аҭаца лаагара ацеремониа афестиваль "Аԥсны" аҭааҩцәа идырбан.
13 / 14
Ачара амҩаԥгара ухаҿы иузаагом аныҳәаҿақәеи аишәачареи рыда, ҳәара аҭахума, Москва имҩаԥысуаз афестиваль аҟынгьы ари зегь уԥылон.
14 / 14
Раԥхьатәи аԥсуа культуратә фестваль "Аԥсны" Москва қәҿиарала имҩаԥысит.