"Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа иазку афильмқәа рҿы иаабалон аибашьцәа рышәаҳәашьа, убыс еиԥш иааилатәаны акеиҩҳәа ашәаҳәара иалагон, минуҭк аамҭа рымазаргьы, ишәаҳәон. Ирацәаны иҭыхны исымоуп ус еиԥш аматериалқәа, сара уа алаф шырҳәоз, ишыччоз даҽаџьара исымбац. Знык-ҩынтә аԥышәа иснарбеит, аԥхьатәи ацәаҳәахьы ажурналист акамера иманы инеира шшәарҭоу ҳаибашьцәа рзы. Уи ангәасҭа хәыҷык ашьҭахьҟа сҽааныскылеит. Ҳаибашьцәа ҭысхуамызт ианжәылозҵәҟьа, иаанаахьаҳәуаз рҭыхра сҽазыскит", — ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны ишашоу ицоз аефир аҟны.