Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуаԥҳа: аибашьраҿы алаф шырҳәоз, ишыччоз, ишышәаҳәоз еиԥш, џьа иубом

© Sputnik Константин ГрецовТали Джопуа
Тали Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырԥҳәыс Ҭали Џьапуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аибашьраан ҳаибашьцәа гәышьҭыхгас ирымаз атәы.

Џьапуаԥҳа: аибашьраҿы алаф шырҳәоз, ишыччоз, ишышәаҳәоз еиԥш, џьа иубом
"Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа иазку афильмқәа рҿы иаабалон аибашьцәа рышәаҳәашьа, убыс еиԥш иааилатәаны акеиҩҳәа ашәаҳәара иалагон, минуҭк аамҭа рымазаргьы, ишәаҳәон. Ирацәаны иҭыхны исымоуп ус еиԥш аматериалқәа, сара уа алаф шырҳәоз, ишыччоз даҽаџьара исымбац. Знык-ҩынтә аԥышәа иснарбеит, аԥхьатәи ацәаҳәахьы ажурналист акамера иманы инеира шшәарҭоу ҳаибашьцәа рзы. Уи ангәасҭа хәыҷык ашьҭахьҟа сҽааныскылеит.  Ҳаибашьцәа ҭысхуамызт ианжәылозҵәҟьа, иаанаахьаҳәуаз рҭыхра сҽазыскит", — ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны ишашоу ицоз аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0