"Иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа

Урыстәылантәи Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара хыркәшахеит цәыббра 30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik. "Иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит ҩ-нызқьҩык рҟынӡа Аԥсныҟа иаауа апассаџьырцәа. Цәыббра анҵәамҭанӡа ҩ-нызқь билеҭ ахархәара роуит ҳәа аанацҳауеит "Кубань 24", Иаку атранспорттә дирекциа адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Иаку абилеҭ" шыманшәалоу азы ахы аанарԥшит.

Аԥсныҟеи Ҟрымҟеи ааразы "иаку абилеҭ" зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара иазҳаит

2018 шықәса рзы "иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит, 2017 шықәса иаҿырԥшны иугозар, 20% рыла еиҳаны ауааԥсыра.

Амаҵзура ҿыц алагалан Аԥсныҟа иаауеи Аԥснынтәи ицои апассаџьырцәа еиҳа рырманшәаларазы. Иара мҩаԥысуан рашәара 1 инаркны цәыббра 30 рҟынӡа.

"Иаку абилеҭ" иаанаго —  билеҭк ала адәыӷба, аҳаирплан, ма автобус рыла аныҟәара анулшо ауп. Асеиԥш иҟоу амаҵзурақәа рхы иадырхәоит адунеи зегьы аҟны. Апассаџьыр имоуп алшара еиҳа ихазы еиӷьны иибо амаҵзура алхра.