Аԥснытәи акаратистцәа ахьтәы медалқәа ԥшьба ргеит

Краснодартәи атәылаҿацә Каневсктәи араион аҿы имҩаԥысуан косики карате азы иаарту аиндаҭлара. Аиндаҭлара мҩаԥысуан цәыббра 29 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Краснодартәи атәылаҿацә Каневсктәи араион аҿы имҩаԥысуаз косики карате азы иаарту аиндаҭлара аԥснытәи аспортсменцәа фҩык рҟынтәи ԥшьҩык ахьтәы медалқәа ранашьахеит. Абри атәы еиҭеиҳәеит Аԥсны косики карате Афедерациа апрезидент Демис Адлеиба. 

"Ҳкоманда шьақәгылан фҩык аспортсменцәа. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык: Софиа Аҩӡыԥҳа, Георги Мусикиан, Руслан Меликиан, Дмитри Адлеиба актәи аҭыԥқәа ааныркылеит", — иҳәеит иара.

Аԥснытәи акаратистцәа жәаха иааира ргеит

Уи адагьы Софиа Аҩӡыԥҳа 8-9 шықәса зхыҵуа рыбжьара иреиӷьу аспортсменка ҳәа далкаан. Атурнир сынтәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуан иҳәеит Адлеиба.

"Краснодартәи атәылаҿацә Каневсктәи араион аҿы имҩаԥысуаз косики карате азы иаарту аиндаҭлара уажәшьҭарнахыс есышықәса имҩаԥыслоит", — иҳәеит иара.

Демис Адлеиба иажәақәа рыла атурнир Урыстәыла ачемпионат аҽазыҟаҵаразы иуснагӡатә бзиахоит.

"Жьҭаарамзазы Ростовҟа ҳцараны ҳаҟоуп. Уаҟа имҩаԥысуеит Аладатәи Афедералтә округ аиндаҭлара, абҵара 24-25 рзы Москва, Урыстәыла ачемпионат ҳҽалаҳархәраны ҳаҟоуп", — ҳәа еиҭеиҳәоит Адлеиба.

Краснодартәи атәылаҿацә Каневсктәи араион аҿы имҩаԥысуаз косики карате азы иаарту аиндаҭлара иалахәын 160-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.