Арадио

Габниаԥҳа: аԥсуаа ала ауаҩы изы зхы иамеигӡо ԥстәны иахәаԥшуеит

Избан ала аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭаҿы аҭыԥ ду зааннакыло, насгьы ирацәаны ажәабжьқәа ари аԥстәы изазку, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә ҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа.
Sputnik
Амилаҭҭә ҭоурых иагәылаҵәаху: Габниаԥҳа ала аҭыԥ аԥсуа мифологиаҿы

"Ала аԥсуаа рмифологиаҿы, зегь реиҳа ихадоу аперсонажқәа иреиоуп. Ала иҟалаша здыруаз, ауаҩы нарцәыцҳа дықәызго, ахаҭа аныԥсуа мҩашьарада зцәа ианыруа, ауаҩы изааигәоу, акырӡа иразу, зыбыз ахәразы ихәшәу акәны аԥсуаа ахәаԥшуеит. Аԥсуа жәабжьқәа, амифқәа рҿы ирацәоуп алеи ауаҩи реизыҟазаашьа атәы зҳәо. Аԥсуаа ала иахәаԥшуеит ауаҩы изы зхы иамеигӡо, иззаигәоу ак акәны", — ҳәа еиҭалҳәеит Габниаԥҳа.