Аԥсны еицырдыруа алафҳәаҩ Чаҵә Чагә дзыниахьаз хҭыск

Аԥсны еицырдыруаз алафҳәаҩ Чаҵә Чагә иахьагьы ажәлар дшыргәалашәо дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Аԥсуаа жәынгьы – ҿангьы пату ҳзақәын алаф, ажәа цҳафыр. Уи аҭыԥ аман аҩызара-ақәлара, ацәгьа-абзиа уҳәа аҭагылазаашьақәа жәпакы рҿы. Зажәа лафыркыз, илахҿыхыз ауаа рыӡбахә жәлары ирзынхон, рыԥсҭазаара ианалҵлак ашьҭахьгьы рлаф неимда–ааимдо ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирзаанхон. Убас аԥсуаа ргәалашәараҿы иаанхаз дыруаӡәкуп Чагә Чаҵә.

Чагә Чаҵә зыԥсы ҭаз, иҟаҵәҟьаз уаҩын, еицырдыруаз лафҳәаҩын, ажәабжьҳәаҩын. Изларҳәо ала, уи диит Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Иара дахьынхоз аҳабла иахьагьы Чаҵәқыҭ ҳәа иашьҭоуп.

Ицҳауа апоезиа: имҩаԥысит апародиақәа рыхәылԥазы

Жәлар ргәалашәараҿы иаанхаз Чагә илафқәа рацәаӡоуп. Убас иара изку алаф ажәабжь ҳзеиҭаиҳәеит 80 шықәса зхыҵуа абырг Ҭаниа Ҭырбеи Антон-иԥа.

"Чагә Чаҵә ҳәа иҟаз даара длафҳәаҩын, рҳәоит. Ибз цәгьан. Аныҟәара бзиа ибон, аҩызцәа иман, аԥызцәа иман. Акырџьарагьы дсасхьан. Аха абри ахаҵа дахьаанеилак зегьы ишраҳауаз адунеи аазна иԥҳәыс дирҽхәон. Сыԥҳәыс иҟалҵо афатә–ажәтә даҽакы иалаҩашьом, акҿаҩраҿы илеиӷьу аӡә дыҟам ҳәа. Ҽнак зны иҩызцәа дзыцныҟәалоз рхы ааидыркылан ус рыӡбеит "Абри Чагә иҩнынӡа ҳцароуп, дца–даа ирҽхәо иԥшәмаԥҳәысгьы даҳбароуп", – рҳәан амҩа иқәлеит.

Чагә иҟны ианнеи дырԥылеит аӷьеиҩҳәа, аҩныҟа инеигеит. Усҟан астолқәа абаҟахыз, аишәақәа ракәын иҟаз. Арҭ уажә асасцәа рҭааит, аха иаахәҵәа ирҿарҵо ҳәа акгьы рымам, фатәыла еиқәшәамызт. Чагә даалаган ауаџьаҟ агәгәаҳәа амца ҭеиҵан, иԥҳәыс ус лыдиҵеит иҳамоу иреиӷьу асаанқәа, аҵәҵақәа ықәыргылан, ирԥшӡаны иҟаҵа, ҳәа. Иԥхәыс илугәышьоиз! Илаиҳәаз налыгӡеит.

Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан

Нас Чагә Чаҵә аишәа ирхиаз днадгылан: "Дадраа, сҩызцәа, ианҳамаз бзиа ҳаныҟаз, абарҭ асаанқәа рыла акраҳфон, аишәаҿы ижәбо аҵәцақәа рыла иаажәуан. Аха сынтәа фатәыла ҳмаџьанахеит. Шәааины шәтәақәа, анцәа иҳаҭәаишьо ҳбап!" – иҳәеит.

Аиҩызцәа неихәаԥшы – ааихәаԥшын, акгьы шырмоуаз анырдыр "Ҳаи Чагәхеит, усқәак шҳамаз ҳгәалашәеит! Шәымш аабзиахааит аԥшәмацәа! – рҳәан инҽыжәлеит.

Чагә Чаҵә абас маанала ахымҩаԥгашьа идыруан. Амца дақәуҵаргь дбылуамызт," – азгәеиҭеит абырг.

Чагә Чаҵә изы иҵегь шәдыррақәа шәырҭбаарц шәҭахызар, ишәабжьызгоит 2009 шықәсазы аиҭаҭыжьра иазырхиаз Заур Быҭәба ишәҟәы "Чагә Чаҵә ихҭысқәа". 380 даҟьа рыла ишьақәгылоу ари ашәҟәы еиднакылаз ажәабжьқәеи алафқәеи зегь зызку Чагә Чаҵә иоуп. Урҭ аагоуп ажәлар рҳәамҭақәа рахьтә.