Ицҳауа апоезиа: имҩаԥысит апародиақәа рыхәылԥазы

© Sputnik / Бадрак АвидзбаВечер пародий поэтов и писателей Абхазии
Вечер пародий поэтов и писателей Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәҩык апоетцәа злахәыз апародиақәа рыхәылԥаз мҩаԥысит С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Ахәылԥаз еиҿылкааит апоетесса, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гәында Сақаниаԥҳа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ажәалатәи аиҿахысра

Атеатр ахыбрахь ахәаԥшҩцәа ҩналаны ашьшьыҳәа рҭыԥқәа ааныркылон. Асцена агәаҿы зҭыԥ аанызкылаз астол ду хә-ҟәардә адгылан, аха урҭ раԥхьашәа игылан микрофон заҵәык. Уи амикрофон акәын издыз хәҩык ажәа азҟазацәа рсатира цҳафыр ахәаԥшҩы иҟынӡа анагара.

Раԥхьатәи "ахы" ҭирҟьеит апоет, апублицист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Владимир Занҭариа. Иара иколлегацәа рырҿиамҭақәа ирылхыс апародиақәа дрыԥхьеит.

Анатоли Лагәлаа иажәеинраала "Ҳаилкаам, ҳаиҿкаам" иалху апародиа:

Набережная махаджиров. Драмтеатр. Вечерний Сухум. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи злахәу апародиақәа рыхәылԥаз мҩаԥысуеит Аҟәа

Еилкаам ҳа ҳазҿугьы,

Еилкаам шәа шәызҿугьы,

Аха усгьы ҳаҿыми акы.

Еибаҳҳәо иарбан,

Ҳаззегь ҳаиԥшыми,

Аха ҳазкылсроуп акы.

….

Исзымҳәар-сылбаажәгап,

Сцынхәрас даҽаӡә днажәгап,

Ус ҳхьеибаршшо ԥшьаала ҳцалап.

Аԥсышәала исҳәо

Аԥсшәахь еиҭажәгап,

Исҳәаз змаҳазгьы дҟалап…

Апародиақәа рыдагьы Владимир Константин-иԥа еиҭеиҳәеит иԥсҭазаараҿы дзыниахьаз алаф ажәабжьқәа рацәаны. Урҭ рыбзоуралагьы ахәылԥаз ишьҭнахит зхы иақәиҭу, иформалтәым аҟазшьа.

Анаҩс амикрофонахь днеит апоетесса Гәында Кәыҵниаԥҳа. Ларгьы ишьақәгылаз алахҿыхратә нота иацҵо ахәаԥшцәа кыр агәахәара рызҭаз алаф аацәырылгеит.

Владимир Занҭариа иажәеинраала "Исзынлыжьит ҳамҭас де золе" апародиа:

Биобиблиографический словарь Абхазские писатели и сборник произведений молодых поэтов Абхазии Ашацкыра - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иӡырнагеит ҩ-шәҟәык

Ԥҳәызбак дақәтәан лмаланыҟәа,

Смаланыҟәала слыхьӡеит.

Уи аҟны исацлабуа уаҩ дыҟам,

Аԥсны сыриааин, Парижҟа сцеит.

Уа Олимпиатә хәмаррақәа мҩаԥыргон,

Аԥснынтә инеиз сара соуп.

Уаҟа ԥҳәызбак ираԥылгон,

Уаҩ дыззымиааиуа аӡә лоуп.

Илызҿысҭит, с-Занҭариоуп,

Бара ибыжәлои, зыжәла нҵәаз?

Лара илыхьӡу, нас, Мариоуп,

Д-Вальдемаруп ба ибыхьӡаз.

Сара заа сыхцәы каԥсазаргь,

Ԥсуа хылԥарчла исҵәахуеит.

Ахаҵа иқәрахь маҷк днаскьазаргь,

Аҭыԥҳацәа ихыԥсаауеит.

Гәында Кәыҵниаԥҳа аԥсуа поетцәа рырҿиамҭақәа ирылху иакымкәа-иҩбамкәа апародиақәа данрыԥхьа анаҩс ажәа ирҭеит асатиратә ажәа азҟаза ду, апоет Анатоли Лагәлаа.

Анатоли Ианкәа-иԥа ахәаԥшцәа, азыӡырҩцәа дырзаԥхьеит аҵыхәтәантәи ахышықәсазы иаԥиҵаз апародиақәа. Урҭ ак аҵкыс ак лахҿыхын, иҷыдоу алаф цқьагьы ргәылыжжуа иаԥҵаз ҩымҭақәан.

Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аԥҳазоу: ашәҟәыҩҩцәа рбиблиографиақәа алитература иазҿлымҳау рзы ихәарҭоуп

Терент Ҷаниа иажәеинраала иалху апародиа "Быҽбырҵәаҳәт бара":

Ас сабахәо,џьым, са схала,

Быҽбырҵәаҳәт бара.

Икылырҳәҳәан бԥынҵа хәылбыҽхала,

Бныҵабоит џьара.

Бсырчагәышьон зны лаҳала,

Счеиџьыка ббахьан.

Сыжь зҭаз акалаҭ бнахалан

Бызгара бфахьан.

Бзиа избоит ҳәа атама ҟәазқәа

Брықәлан ибыршәшәеит.

Урҭ иргәылҵыз уедрак аазна

Агәаӷьқәа аҩныҟа изгеит.

Илгәаԥхоит ҳәа Ҭхьынантә иаахәан,

Ақәҷарақәа бзаазгон.

Узықәшәаз ҳәа иарбан гәаҟроу

Абыз садыргон.

Изныкымкәа арыжәтәгьы самшьи,

Аха сахнамԥааӡеит сыхшыҩ.

Исцәеиламгакәа Дӷамшьи Тамшьи

Кәыдры сбыхьӡеит баныҩ.

Са споетуп, сышәҟәы адаҟьа

Еихыршәшәо иаартла.

Бықәтәан Кәтолтәи бца цалаҟьа

Аҟәаҟа бааԥшла.

Ахәылԥаз ақьышьмышь

Аиԥылара иара убас иалахәыз апоет Алхас Чхамалиа иқәгылара егьырҭ иреиԥшымхеит: иара баҩхатәра ҳаракыла аԥсуа поетцәа хатәрақәа рцәажәашьа ҟаҵо апародиақәа дрыԥхьеит, еиҭеиҳәеит алаф ажәабжьқәа. Ҷыдала иара дцәажәон Платон Бебиеи Фазиль Искандери рыбызшәала. Ахәаԥшцәа рнапеинҟьара иарҵабыргуан игәҭакы иманшәаланы анагӡара шилшаз.

Иҭыҵит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа"

Ихлыркәшеит ахәылԥаз ахы зкыз Гәында Сақаниаԥҳа лхаҭа. Ларгьы лҩызцәа реиԥш дрыԥхьеит имаҷымкәа апародиақәа.

Урҭ иреиуоуп Анатоли Лагәлаа изку апародиа "Толик иуаз"

Ишарылеит сылашара,

Иамҵәагәышьт агонорар.

Исыргәыбзыӷит сыбжьы хаа ала,

Аиҳабыраа, сџьамагьар.

Сцеит ҳаспикер иахь шьапыла,

Елыр сцозшәа сшьапқәа хтны.

Дысзыӡырҩит ҿымҭ, гәыблыла,

Апремьер иахь нас сырԥшны.

Изыури, аламгәа ҭысшьааит,

Исҳәагәышьеит алақмар.

́ Сеибакәеибаха схынҳәгәышьеит,

Ах, ишԥасҭаху сыҳәҳәар.

Аха исзыӡырҩуам, зегь башоуп,

Сықәҵып Ҷлоуҟа схы рханы.

Аиҳабыраа ирҳәо иашоуп:

Аԥара ыҟаӡам Аԥсны!

Ажәабжьқәа зегьы
0