Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Изҳәада, аамҭа ахәра ахәшәтәуеит ҳәа? Уи мцуп. Иара баша ахьаа хнаҽуеит ауп, лҳәоит 26 шықәса раԥхьа ажәа "саб" зҿыҵшәаз аԥҳа Асида Иналԥҳа.
Оҭар Гьаргь-иԥа дҭахеит Гагра араион ахақәиҭтәра ҽнак шагыз, Цандрыԥшь ахырхарҭаҟны.
"Ҳаб данҭахоз сара бжьышықәса ракәын исхыҵуаз, сашьҳәа Алиона — хәышықәса. Иаалырҟьаны, ари ҳҭаацәаратә рыцҳара ду сықәра иацнаҵеит, ишәхьаз ҭыԥҳак леиԥш схәыцуа салагеит. Зегь раасҭа сан дрыцҳасшьон. Лхала ҩыџьа ахәыҷқәа ҳааӡареи, ауаҩра ҳалхреи лнапы ианылеит", — лҳәоит лара.
Оҭар иԥҳацәа дыргәалашәоит агәымшәара, ауаҩра злаз иакәны.
"Ҳаб бзиа ибаӡомызт ахырҽхәара. Ҳанду иаҳзеиҭалҳәахьан, Североморск аррамаҵура данахысуаз, иширԥсыз амца зкыз аибашьыгатә ӷба, иҩызцәа рыԥсҭазаара еиқәирхеит. Усҟан иара Аҳәынҭқарратә ҳамҭа даԥсахеит, ианаршьеит апремиагьы", — еиҭалҳәоит Асида.
Оҭар Инал-Иԥа зымаха-зышьаха ӷәӷәаз, аиааирахь агәазыҳәара змаз уаҩын, уи иҟазшьа ҷыдара иалнаршеит амаланыҟәатә спорт аҟны ақәҿиарақәа раарԥшра.
"Ҳаб даара дыԥшӡан. Есқьынагьы бзиа ибон маҭәа ԥшӡала аҽеилаҳәара, ажәакала амода дацныҟәон. Џьара ҳанцоз, акостиум ишәымкәа, адухь фҩы хаа иқәымҭәакәа иҟамлацызт. Ус дысгәалашәоит иара", — ҳәа азгәалҭоит аԥҳа.
Иаамысҭашәаз, аҵабырг иашьҭаз, ахачҳара злаз Оҭар Инал-Иԥа иҩызцәа бзиа деицырбон, иаргьы сабарыхәои ҳәа дрышьҭан.
Жьҭаара 5, 1992 шықәсазы, зашьцәеи, зҩызцәеи ирывагыланы зыԥсадгьыл зыхьчоз аибашьҩы аӷа ихымца иқәшәеит.
"Ҳара иахьынӡаҳдыруа, ҳаб данырхә ашьҭахь, даҽа 40 минуҭ иԥсы ҭан. Гагратәи агоспиталь ахь дрыманы ицонаҵы, ажәак имҳәеит, ихаԥыцқәа еихырӷәӷәа ахьаа ичҳауан. Аҵыхәтәаны, иԥсы анихыҵуаз "схәыҷқәа шәмыргәаан" ҳәа ниҿыҵҟьеит", — лылаӷырӡ дахәаҽуа, лаб иԥсҭазаара дшалҵыз ҳзеиҭалҳәеит Асида Инал-Иԥа.
Оҭар Гьаргь-иԥа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.
Асидеи Алионеи ран Цира Зыхәԥҳа илылшоз зегь ҟалҵеит лыԥҳацәа ааӡара бзиа рыҭаны, аҵара дуқәа дырҵараҿы.
Аиҳәшьцәа аразҟы хазынақәа роуит.
Аамҭа ццакны ицоит, аха агәалашәара аанхоит.
Оҭар иԥҳацәа ргәы дышҭоу ауп рыԥсҭазаара шымҩасуа, ишгәырӷьо, ишыччо. Дара ргәадура раб ахаангьы дырхашҭуам, иӡбахәгьы, изызҳауа рхәыҷқәа ирзеиҭарҳәоит закәытә фырхаҵаз изхааным рабду.