"Ашьамҩа ианысыз Аԥсны ахьчаҩцәа" захьӡу афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ашьамҩа ианысыз Аԥсны ахьчаҩцәа" захьӡу афотоцәыргақәҵа аартуп Гагратәи акультура аҩнаҟны.

ГАГРА, жьҭаара 3- Sputnik. Саида Жьиԥҳа. Аиааира 25 шықәса ахыҵреи, Гагра араион ахақәиҭтәреи амшқәа раҳаҭыр азы, Гагратәи акультура аҩнаҟны иаартуп "Ашьамҩа ианысыз Аԥсны ахьчаҩцәа" захьӡу афотоцәыргақәҵа.

Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа ирыдныҳәалеит Гагра араион анапхгара - Sputnik Аҧсны
Гагра араион анапхгара аветеранцәа-аинвалидцәа Аиааира амш рыдырныҳәалеит

Уи аиҿкааҩ, акультура аҟәша, Ахьӡ-аԥша амузеи анапхгаҩы Лиудмила Сергьегьиаԥҳа лажәақәа рыла, хәышықәса ирылагӡаны, уаанӡатәи Гагра араион акультура аҟәша аиҳабыс иҟаз, аибашьра аветеран Ҭенгьыз Габуниа ицхыраарала еидылкылеит 120 партреҭ.

"Арҭ афотосахьақәа ирнубаалоит ҳветеранцәа реибашьратә мҩа. Сара издыруази, Ҭенгьыз Габуниеи, иҩызцәеи, ауа-ҭахыла зҳәаз еиԥш еидыскылон шықәсы рацәала, иахьагьы уи аус иацысҵоит. Ишыжәдыруа еиԥш, аибашьра адәаҟны апартреҭ аҭыхра аамҭа змадаз, аха иҟалалон, гәыԥ-гәыԥла ианеизалак, гәаларшәагас кадрқәак ҟарҵартә еиԥш аҭагылазаашьа анроуаз, мамзаргьы фотокорреспондентцәақәак анрықәшәоз", — лҳәоит Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

Ацәыргақәҵаҟны иӡыргоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, аинралцәа Сулҭан Сосналиеви, Сергеи Дбари, аԥсуа ар акомандаҟаҵаҩцәа гәыԥҩыуааки, ҳветеранцәеи рфотосахьақәа.

Цәыббра 30, Аиааира амш аҽны, аибашьцәа рфотоцәыргақәҵа еиҿкаан Ахьӡ-аԥша Амемориалтә комплекс аҵакыраҟны.

Арахь иааиуаз зегьы, аамҭакы иаанҿасуан афотоқәа раԥхьа, акраамҭа аибашьцәа рлакҭа иҭаԥшон. Иҟан забацәа, зашьцәа, зыуацәа збаз, иара убас, акадрқәа рҟны зхаҿсахьа здырыз аветеранцәагьы ҟалеит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы, аԥсуа жәлар иргаз Аиааира 25 шықәса ахыҵра аламҭалазы Ҭырқәтәылантәи зџьынџьдгьыл ахь иааз Ердынч Аҭеиба хаҭала даҭааит ари ацәыргақәҵа.

"Абас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа ирыбзоураны еиқәхоит аибашьра ахаҿра. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аиҿкааҩцәа. Мышкызны, шәареи ҳареи ҳаныҟамлогьы, еиҵагыло абиԥара мал дуны ирзынхоит рыжәлар знысыз аҭоурых ахьаарԥшу акадрқәа", — иҳәеит асас.

"Ашьамҩа ианысыз Аԥсны ахьчаҩцәа" захьӡу афотоцәыргақәҵа аус аулоит жьҭаара 10-нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0