2018 шықәсазы Аԥснытәи аҩқәа Урыстәыла еиҳа ирацәаны иаархәоит

Урыстәыла аӡахәааӡаҩцәеи аҩыҟаҵаҩцәеи Реидгыла иазыԥхьагәанаҭоит 2030 шықәсазы аҩы ахархәара уажәы аасҭа ҩынтә еиҳахар алшоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аҩы Урыстәылаҟа анашьҭра амҽхак еиҳахеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит ИАЕ "Аԥсны аӡқәеи аҩқәеи" аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба.

Урыстәыла аӡахәааӡаҩцәеи аҩыҟаҵаҩцәеи Реидгыла иазыԥхьагәанаҭоит 2030 шықәса рзы аҩы ахархәара ҩынтәны еиҳахар алшоит ҳәа. Урыстәыла Аԥснытәи аҩқәа раҳаҭыр акыр ишьҭыҵны иҟоуп. 2017 шықәса рзы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа инашьҭын 25 миллион ԥаҭлыка аҩы.

Аԥснытәи аҩқәа Таиландтәи адәқьанқәа рҟны ицәыргахоит

"Ииасыз ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар, 10-15-нтә еиҳахоит. Макьана жьҭаарамзоуп ҳазҭоу, аха азыҳәақәа шаарышьҭуа ала, аекспорт иацлоит", — иҳәеит Валери Аҩӡба.

Аҩеиқәаҵәақәа рҟынтәи Урыстәылаа еиҳа иалыркаауеит: "Лыхны", "Апсны", "Чагьам", "Амра". Аҩышкәакәақәа рҟынтәи – "Диоскуриа", "Ԥсоу", "Анаҟәаԥиа".

2018 шықәсазы ажь аҽаҩра бзиа ҟалеит. Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар 400 тонна рыла еиҳауп.

Азауад "Аԥсны аӡқәеи аҩқәеи" еиҭашьақәыргылан 2000 шықәса рзы. Азауад иахатәуп 350 гектар рҟынӡа аӡахәаҭрақәа.

Аԥсуа ҩқәа рҿыхаареи рыџьбарареи реибакапанра егьырҭ аҩқәа ирылукаауа иҟарҵоит.

Иара убасгьы азауад аҿы иҭрыжьуеит акониакқәа "Абхазия", "Айнар".

Иахьазы имҩаԥысуеит аусурақәа ажәытә ӡахәажәлақәа реиҭашьақәыргыларазы.