Аԥснытәи аҩқәа Таиландтәи адәқьанқәа рҟны ицәыргахоит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи аҩқәа
Аԥснытәи аҩқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҩқәа Таиландтәи ақалақьқәа Бангкоки Пхукети рыдәқьанқәа рҟны ицәыргахоит.

АҞӘА, лаҵарамза 19 — Sputnik, Бадри Есиава. Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аалыҵ раԥхьатәи апартиа нашьҭуп Таиландҟа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" алогистика аҟәша аиҳабы Ибрагим Начҟьебиа.

"Ахәаахәҭратә еилахәыреи ҳареи аилаӡара ҳабжьаҳҵеит. Раԥхьатәи апартиа, 6000 рҟынӡа ԥаҭлыка, уахь иҳашьҭит", — иҳәеит Начҟьебиа.

Иара иажәақәа рыла мчыбжьык ашьҭахь аԥсуа ҩқәа "Лыхны", "Радеда", "Ешера", "Анаҟәаԥиа", "Ԥсоу" аҳәаанырцәтәи афирма адәқьан хадақәеи агьамабаратә зали рахь инагахоит.

Иара убасгьы Бангкоки Пхукети ақалақьқәа рыдәқьанқәа рҿгьы аԥснытәи аалыҵ аҭира хацыркхоит.

Аԥснытәи аҩызауад аалыҵ аинтерес рымоу китаитәи анаплакыҩцәагьы иҳәеит азауад адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.

Аиҳарак дара иргәаԥхеит зыбжа ӡлоу аԥсуа ҩқәа. Адиректор хада ихаҭыԥуаҩ ишиҳәаз ала китаитәи абизнесуааи азауади аилаӡара рыбжьарҵар, аҩы ааглыхра ырҭбаатәхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0