Агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" аатит Москва

Аԥснытәи анаплакыҩцәа рхы аладырхәуеит агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018".
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. XX агроааглыхратә цәыргақәҵа  "Ахьтәы ҭагалан-2018" аатит Москва жьҭаара 10 рзы ҳәа Sputnik аинтервиу аиҭеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Камилла Кәыҵниаԥҳа: Аԥсны анҭыҵ аԥсуа сыӡбал зҭаху рацәаҩуп

"Ацәыргақәҵа ааиртит Урыстәыла Аԥыза-министр Дмитри Медведев. Ацәыргақәҵа аартра ацеремониа иалахәын Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа  "Ахьтәы ҭагалан-2018" ("Золотая осень-2018") иалахәхоит аԥснытәи анаплакқәа 22 иҳәеит ахәаахәҭратә хаҭарнак.

Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит москватәи агроааглыхратә цәыргақәҵаҿ Аԥснытәи аалыҵ аԥхьахәқәа анашьахап ҳәа дышгәыӷуа.

"Ҳара ҳаалыҵ ҳацәыԥхашьо иҟаӡам. Ацәыргақәҵа ҳалахәуижьҭеи Аԥсны еицырдыруа ахы аанарԥшит. Ареспублика изныкымкәа гран-при, еиуеиԥшым амедалқәа анаршьахьеит", — иҳәеит иара.

Олег Барцыц дақәгәыӷуеит Аԥсны егьырҭ ацәыргақәҵа алахәылацәа ирылаӡҩарым ҳәа.

"Асеиԥш иҟоу афорум ду аҿы аԥышәа ҳамоуп. Иҳагқәоу ыҟазаргьы ҳаицырдыруеит ҳаалыҵқәа рхаҭабзиарақәа рыла", — иҳәоит иара.

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа  "Ахьтәы ҭагалан-2018"  ("Золотая осень-2018") аус ауеит Москва, жьҭаара 10 — 13 рзы. Ацәыргақәҵа еиҿнакаауеит Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистрра. Аԥснытәи анаплакқәа ари ауснагӡатә бжьынтәуп иалахәхоижьҭеи. Сынтәа ацәыргақәҵа иалахәуп Урыстәыла арегионқәа 60, аҳәаанырцәтәи атәылақәа 15. Ацәыргақәҵа девизны иазыҟоуп "Аҳәаақәа иԥкым алшарақәа".