Неит Диас Хабиб Нурмагомедов индаҭлара игәҭакуп

Неит Диас жьҭаара 6 рзы Хабиб Нурмагомедов иҵахаз Конор Макгрегор ҩынтә диндаҭлахьан.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 10 — Sputnik. Америкатәи ақәԥаҩ Неит Диас иҳәеит дшазыхио Хабиб Нурмагомедов индаҭлара ҳәа аанацҳауеит Матч ТВ.

"Хабиб дшазыхиалак индаҭлара сақәгәыӷуеит", — ҳәа Диас Twitter аҿы иажәақәа ааигоит ажурналист Ариель Хельвани.

UFC аиҳабы ирылеиҳәеит Нурмагомедов иқәырҵо ахараԥса заҟарахо атәы

Иара ҩынтә Конор Макгрегор диндаҭдахьеит. Актәи андаҭлараан — Диас дииааиит, аҩбатәи аан даҵахеит.

Жьҭаара фба рзы Хабиб Нурмагомедов Конор Макгрегор дииааиит реиндаҭлараан. Ақәԥара ашьҭахь аринг анҭыҵ массала аисра ҟалеит.

Уаанӡа еиндаҭлоз Хабиб Нурмагомедови Конор Макгрегори ракәзаргьы аисра иалахәхеит.

Хабиб Нурмагомедов ахараԥса иқәырҵеит аиндаҭлара ашьҭахь аҭыԥ змаз аисразы. Ахараԥса иартәоит 250 000 доллар иҳәеит UFC аиҳабы Деин Уаит.