Аҟәатәи ашьхаҿы аӡыршә аусура иалагеит

Ари аӡыршә аус амуеижьҭеи 25 шықәса ҵуан.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аӡыршә аусура еиҭалагеит аиҭашьақәыргылара ашьҭахь. Ашьхаҿы аӡыршә аус амуеижьҭеи 25 шықәса ҵуан.

Аӡыршә акәша-мыкәша дрыцқьеит 2015 шықәса рзы. Усҟан Аҟәатәи ашьха арыцқьара иалахәын 500-ҩык рҟынӡа ақалақьуаа.

Аҟәатәи ашьха аилыргара 500-ҩык инареиҳаны ауаа еизнагеит

Аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа абри ашьҭахь "Аргылара-ремонттә усбарҭа" анапы ианиҵеит аӡыршәахь аӡы неиртә аҟаҵаразы.

"Ҳара аӡыршә ахь инаагеит 550 метра рҟынӡа аӡымҩангагақәа. Ишьақәҳаргылеит аӡы хазгало анасос" ҳәа еиҭеиҳәоит"Аргылара-ремонттә усбарҭа" адиректор Даур Пачкориа.

Уажәазы ишазыԥхьагәаҭоу ала, аӡыршә аус аулоит ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа, асааҭ 9:00 инаркны асааҭ 17:00 рҟынӡа.

Аҟәатәи ашьха аҳҭнықалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа ируакуп. ХХ-тәи ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа раан нап аркын иара аиҿкаара, иҟаҵан уахь ухазгало амҩақәа, инаган афымцамч, иаакәыршан иргылан атәарҭақәа, иаартын ақалақьуаа бзиа еицырбоз аресторан "Амза".

Фонтан на Сухумской горе