Аҟәатәи ашьха аилыргара 500-ҩык инареиҳаны ауаа еизнагеит

© Sputnik Томас Тхайцук Генеральная уборка Сухумской горы
Генеральная уборка Сухумской горы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада, Аминистрцәа Реилазаара аусзуҩцәа, аҭыԥантәи ахадара, еиуеиԥшым ахеилакқәа, иара убас ақалақьуаа еицхырааны Аҟәатәи ашьха дрыцқьеит.

АҞӘА, хәжәк 29 – Sputnik, Анжелика Бениа. Аҟәатәи ашьха аилыргара 500-ҩык инареиҳаны Аԥсны атәылауаа еизнагеит.

Аилыргара акциа адгылара арҭеит ауаажәлар ирыдгылангьыы арыцқьара рхы аладырхәит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, аминистрцәа, Аҟәа ақалақь ахадара аусзуҩцәа, еиуеипшым егьырҭ ахеилакқәеи аилазаарақәеи.

"Аҿар активла рхы аадырԥшуеит ҳақалақь алакҭа аиҭакразы. Ииашахаӡомызт ҳрыцымхыраазҭгьы, ҳрывамгылазҭгьы. Уи аус, сара сгәаанагарала, анаҩсгьы иацҵалатәуп, знык имҩаԥгаз акциак еиԥш иҟамзароуп. Ҳақалақьқәа аибашьра аԥхьа ишыҟаз еиԥш иԥшӡахарц азы аус ҳаулароуп", – ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада.

Арыцқьара ду еиҿыркааит асоциалтә каҭаҟны еиҿкаау агәыԥ "Сара ицқьоу ақалақь аҟны сынхар сҭахуп" ҳәа хьӡыс измо активистцәа, аимадартә компаниа "Аҟәафон-GSM»",иара убас Аҟәа ақалақь ахадареи еицхырааны.

Аҟҿа ақалақь ахадара аиҳабы Адгәыр Ҳаразиа иазгәеиҭеит аџьабаа рацәа шырбазгьы, зегьы агәалаҟазаара бзиа рзынхеит ҳәа. "

Аусура ауаа еиднакылоит, иахьа акциа алахәылацәа зегьы ргәалаҟазаара бзиоуп. Иҟаклап, Аҟәатәи ашьха зегь аилыргара ҳахьымӡаргьы, аха иааиуа амзазы иҳазхаша агәалаҟазара ҳзааннажьит", – азгәеиҭеит Ҳаразиа.

Агәыԥ "Сара ицқьоу ақалақь аҟны сынхар сҭахуп" алахәыла Рафида Басариаԥҳа лажәақәа рыла, ари арыцқьара имаҷымкәа алахәылацәа еизнагеит.

"Агәам-сам ҳаҿагылеит. Асҟак ауаа ҳадгылоит ҳәа ҳаҟаӡамызт, аԥхьа иҟасҵогьы сымамызт, убасҟаҩык анапырацәа ҟалеит. Араҟа аусура рацәаны иҳаман, иҟалап ҳамацара ҳаҟазтгьы иҳалымшаргьы. Акоммуналтә усзуҩцәа ари аҭыԥ аанырмыжьып ҳәа сгәыӷуеит", — лҳәеит Басариаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, агәыԥ аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа ари аҭыԥ ахылаԥшра аиуларц азы, иара убас акамерақәа ықәдыргыларц азы иҳәарц ргәы иҭоуп. Рафида Басариаԥҳа иазгәалҭеит ари аидеиа амобилтә еимадара "Аҟәафон-GSM" шадгылаз атәгьыы.

"Иахьа еиуеиԥшым ахеилакқәа, хәыҷи-дуи зегьы ҳаидгыланы ақалақь ахаҿра ҳаԥсахырц азы аус ҳуит, ари аҭыԥ иаҳа иԥшӡахарц, ԥсшьарҭа ҭыԥхарц азы. Ари аҩыза акциа мҩаԥысуеит ҳәа анҳаҳа, аганахь ҳзаанымхеит. Араҟа 70-ҩык инареиҳаны ҳкомпаниа аусзуҩцәа ҳаҟан. Амала ихадоу — ҭыԥк еилырганы, уа ҳаанымгылароуп", – лҳәеит "Аҟәафон-GSM" адәныҟатәи акоммуникациақәа рыҟәша анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа.

Аилыргара ду изавымсит апроект "ИшьхатәылоуАԥсны"алахәылацәагьы, иара аиҿкаааҩ Ҭенгиз Ҭарба ахҭыс аҵакы дазааҭгылеит.

"Иахьа Аҟәатәи ашьха изҭахыз зегь амкӡеит. Ари ашьха ҳара ҳсимвол ауп. Ҳхала еиҿаҳкаар ауп. Ҳҳәынҭқарра 20 шықәса раԥхьа аминистррақәеи, ахеилакқәеи аныҟамызгьы ауаажәлар идыргылон. Аӡәы ҳаизымԥшроуп, ҳақалақь ҳхала иаҳзеилыргозар, ҳааины еилҳаргароуп", — азгәеиҭеит Ҭарба.

Активист Рафида Басариаԥҳа излалҳәо ала, Агәыԥ "Сара ицқьоу ақалақь аҟны сынхар сҭахуп" еиҿкаан Facebook адаҟьаҟны жәабран алагамҭаз.

"Агәыԥ аиҿкаара аидеиа ргәырҽанӡамкәа ирызцәырҵит. Алашарбага аҳаблаҿы аҟәара шеилҳаргоз иҳазцәырҵит абри аидеиа. Анаҩс аҿари ауаажәлари радԥхьалара ҳаӡбеит. Еилҳаргахьеит аихамҩатә станциа Гәыма, Синоп акультуратә хан. Аҟәатәи ашьха — ҳхықәкы хадоуп, нас маҷк ҳаԥсы ааиҭаҳкып. Анаҩс апаркқәа реилыргарахь ҳаиасыр ҳҭахуп", — лҳәеит Басариаԥҳа.

 Аҟәатәи ашьха арыцқьара ду рҽаладырхәит иара убас Sputnik Аԥсны аредакциа аусзуҩцәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0