"Аиашазы, иара адистанциа зегьы, 25 километр, сахьахысыз сеигәырӷьоит, аха саамҭа сгәаԥхом. Ҵыԥх уажәааны 3 км сцәыцәгьан. Сынтәа аҳақьымцәа аӡәгьы дрыдымҵаалеит, зегьы бзианы имҩаԥысит. Аԥшаҳәаҿы имҩасуаз ауаа ҳгәы дырӷәӷәон, алафгьы анҳарҳәоз ыҟан. Сара сыспортсменӡам, сыҩуеит схазы, сгәы шьҭызхуа ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Мамед-оглы.