Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мамед-оглы аҩра иазкны: саамҭа сгәаԥхом, аха адистанциа сахьахысыз сеигәырӷьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Мамед-оглы
Астамур Мамед-оглы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аклуб "Аспорт Аԥсны" ахаҭарнак Асҭамыр Мамед-оглы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Аҟәатәи аҩраҿы" 25 километр иҟаз адистанциа дшахысыз атәы.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мамед–оглы "Аҟәатәи аҩра" иазкны
"Аиашазы, иара адистанциа зегьы, 25 километр, сахьахысыз сеигәырӷьоит, аха саамҭа сгәаԥхом. Ҵыԥх уажәааны 3 км сцәыцәгьан. Сынтәа аҳақьымцәа аӡәгьы дрыдымҵаалеит, зегьы бзианы имҩаԥысит. Аԥшаҳәаҿы имҩасуаз ауаа ҳгәы дырӷәӷәон, алафгьы анҳарҳәоз ыҟан. Сара сыспортсменӡам, сыҩуеит схазы, сгәы шьҭызхуа ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Мамед-оглы.

Ажәабжьқәа зегьы
0