Аҿа-маҿа аӡыргара: аҽаҩра барақьаҭ аныҳәа Лыхнашҭа ишымҩаԥысыз

Жьҭаара 14 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысыз аҽаҩраҭагалара аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны.
Sputnik

Аныҳәа еизнагеит ажәлар рацәаҩны, уи иалахәын араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны,  ақыҭауаа ицәырыргеит рҿа-маҿа иҭаргалаз ахкқәа зегьы. Аҽаҩраҭагалара ахыркәшара аныҳәа есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥыргоит. Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит. Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит.

Аныҳәа иаҭааит Аԥсны ахадара. Аныҳәахь иааит иара убас аԥсшьаҩцәагьы маҷымкәа.