Ҭагалан абеиара: аҽаҩра аныҳәа Лыхнашҭа

Sputnik

Аныҳәа еизнагеит ажәлар рацәаҩны, уи иалахәын араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны,  ақыҭауаа ицәырыргеит рҿа-маҿа иҭаргалаз ахкқәа зегьы. Аҽаҩраҭагалара ахыркәшара аныҳәа есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥыргоит. Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит. Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит.

1 / 18
Лыхнашҭа имҩаԥган аҽаҩраҭагалара аныҳәа
2 / 18
Жьҭаара 14 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысыз аҽаҩраҭагалара аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа 20 инареиҳаны.
3 / 18
Ақыҭауаа ицәырыргеит рҿа-маҿа иҭаргалаз ахкқәа зегьы.
4 / 18
Аҽаҩраҭагалара ахыркәшара аныҳәа есышықәса Лыхнашҭа имҩаԥыргоит.
5 / 18
Аныҳәа иаҭааз аӡәырҩы милаҭ маҭәала еилаҳәан.
6 / 18
Аныҳәа иаҭааз рыла ишабоз, есышықәса еиԥш сынтәагьы ацә аҵәы иахаҵаны ирӡуан.
7 / 18
Ақыҭақәа жәпакы Лыхнашҭаҿы абысҭа руит.
8 / 18
Аҿы-маҿа аныҳәа хәыҷи-дуи аҭааит, иалагәырӷьон.
9 / 18
Аҽаҩра аныҳәа иаҭааз зегьы ирзеиҿкааз афатә-ажәтә агьама рбон.
10 / 18
Амилаҭ чысқәа иара абра ауаа рыла ишабо иҟарҵоит.
11 / 18
Ажь, ахәырма, аҵәа уҳәа ирацәоуп иӡыргаз ашәыр хкқәа.
12 / 18
Амаҷар аԥаҭхьа иҭаҭәаны аныҳәаҿақәа рҳәон аиҳабацәа. "Аҿа-маҿа бзиала инаҳхаиит "рҳәон дара.
13 / 18
Аныҳәа иаҭааит Аԥсны ахадара. Аныҳәахь иааит иара убас аԥсшьаҩцәагьы маҷымкәа.
14 / 18
Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит.
15 / 18
Аиҳабацәа акырӡа ргәалаҟазаара бзиан.
16 / 18
Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит.
17 / 18
Ари аҽны имҩаԥысуеит аҽырыҩрақәа, аҽырхәмаррақәа, авокалтә-инструменталтә ансамбльқәа рҟазара аадырԥшуеит.
18 / 18
Ҭагалантәи абеиара аарԥшын Лыхнашҭа.