Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Керчь иҭахаз рыуацәа ирыдышшылеит

Керчьтәи аколлеџь аҟны иҟалаз аԥжәара иахҟьаны иҭахеит 19-ҩык, 50-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 18 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Керчь жьҭаара 17 рзы иҭахаз рыуацәеи-рҭынхацәеи ирыдышшылеит. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра асаит.

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи-рҭынхацәеи. Ааха зауз ирзеиӷьаҳшьоит иаарласны ршьапы ақәгылара", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Керчь иҭахаз зегьы рхаҭарақәа шьақәыргылоуп

Керчьтәи аколлеџь акрыфарҭаҿы аметалл иалху амаҭәашьара ала еибаркыз арԥжәага тҟәацит. Абри ашьҭахь ишырҳәо ала ахысрақәа ҟалеит. Иҟалаз иумҭоуп иара абри аҵараиурҭаҿ аҵара зҵоз астудент. Иара ииуз ашьҭахь ихы даехсит.

Керчьтәи аколлеџь аҟны иҟалаз аԥжәара иахҟьаны иҭахеит 19-ҩык, 50-ҩык рҟынӡа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.

Владимир Путини Дмитри Медведеви рнапынҵала Керчьҟа дыԥрит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцова.

РИА Новости иаанацҳауеит аусҭҵааҩцәа ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿыхра ишаҿу, арбагакамерақәа рыхҩылаақәа шҭырҵаауа.