Арадио

Џьынџьиа: Урыстәыла аҳәаа иахыгахо аалыҵқәа ирыцзароуп ирыхәҭоу асертификатқәа

Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны далацәажәеит ауҭраҭыхи ашәыри Аԥснынтә Урыстәылаҟа аҳәаа ахыгаразы иҟоу аԥҟарақәа ртәы.
Sputnik

"Ариабжьарак аиҿцәажәарақәа ҳарҿуп Россельхознадзори ҳареи. Уажәазы ҳазааины ҳаҟоуп абарҭ амашьына дуқәа ирго аалыҵ ԥынгылада аҳәаа ахыгаразы азин рымазарцаз. Напыла иуго акәзар, хә-кьылак еиҳазар аидара иацзар ауп асертификат, ус еиԥш иҟоу аидара иаҳа ахылаԥшра аҭатәуп, избанзар иҟоуп ашәарҭара урҭ аалыҵқәа ирыланы амармалташьтә пты аҳәаа ахыгаразы", — ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьиа.