Урыстәылатәи азенитчикцәа Аԥсны "иақәкыз аракетақәа" ржәылара аԥдырҟәҟәааит

Зынӡа аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык аррамаҵзурауааи 60 цыра инареиҳаны арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аладатәи арратә округ рзенит-ракетатә ҟәшақәа аҳауаҽацәыхьчаратә зыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны "иақәкыз аракетақәа" ржәылара аԥдырҟәҟәааит ҳәа ааицҳаит аокруг апресс-маҵзура аиҳабы аполковник Вадим Астафиев.

Ихыркәшахеит зегь раасҭа зымҽхак ҭбааз урыстәылатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан аполигонқәа "Гәдоуҭа", "Ҵабал", "Нагвалоу" рҟны.

"Аӷа иобиектқәа рыԥшаареи рҭархареи мҩаԥыргон аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәа рхархәарала. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа ареспублика аобиектқәа"ирықәкыз аракетақәа" ржәылара аԥдырҟәҟәааит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Астафиев.

"Уи адагьы ашьха-абнаратә ҭыԥқәа рҟни амшын иахьаԥну аҭыԥқәа рҿи аррамаҵзурауаа рылшарақәа еиӷьыртәуан, аимадареи анапхгараҭареи рсистемақәа еиҿыркаауан, аԥшыхәратә усқәа нарыгӡон" ҳәа иҳәоит апресс-маҵзура аиҳабы.

Ихықәкы хаданы иҟан аӷа амцаԥшь ааиртаанӡа иҭархара.

"Арратә расчиотқәа аус адырулеит аҳауатә обиектқәа рыԥшыхәра, раанкылара, рымҩаԥгара, рҭархара азҵаарақәа. "Аӷа" ақәылара алиршар зуаз аобиектқәа зегьы аракетақәа рыла "иҭархан" ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Арҭ аҽазыҟаҵарақәа ҵыхәтәантәихоит Аладатәи арратә округ 2018 шықәсазы имҩаԥнаго рҟынтә. Амчыбжь ахыркәәшамҭаз аруаа изхысыз аҽазыҟаҵара ахкқәа зегь рыла аԥышәарақәа арҭоит.