Ихыркәшахеит зегь раасҭа зымҽхак ҭбааз урыстәылатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа

Анапаҵаҩра
Зықьҩыла аррамаҵзурауааи арратә техникеи аҽазыҟаҵарақәа "Восток-2018" ашьҭахь рҭыԥқәа рахь ихынҳәуеит.

АҞӘА, цәыббра 17— Sputnik. Урыстәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы зегь раасҭа зымҽхак ҭбаау ҳәа иԥхьаӡоу арратә ҽазыҟаҵарақәа хыркәшахеит цәыббра 17 рзы. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациеи амассатә коммуникациақәеи Рдепартамент адыррақәа рыла апрактикатә усқәа рышьҭахь имҩаԥган "Восток-2018" иалахәыз аррамаҵзурауаа: арратә напхгараҭара аорганқәа, Мрагыларатәи Ацентртәи арратә округқәа, Аҩадатәи афлот амчқәа, Аҳаир-десанттә ар реидгылақәа, Аҳаир-транспорттә авиациеи Аҳаир-космостә авиациеи рымчқәа ргәаҭара.

Уахынлатәи аибашьратә ҽазыҟаҵарақәа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи атанкистцәа Адыгатәыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа реиҳарак мҩаԥган Мрагыларатәи арратә округ аполигонқәа: Цугол, Бамбурово, Радыгино, Успеновски, Бикински, иара убасгьы аполигонқәа Литовко, Новосельское, Телемба, Бухта Анна рҟни Берингтәи Охоттәи амшынқәа ракваториақәа рҟни. Атактикатә епизодқәа раан ахархәара ҭбаа рыҭан аробототехника, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа, апарашиутқәа рыла аҳаиртә десант рыртәара, адесанттә мобилтә бригадақәа.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 300 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа. Арахь иаҵанакуеит афлот, аҳауа-десанттә ар, арра-ҳаиртә ар, зқьы инареиҳаны аҳаирпланқәа, авертолиотқәа, 36 нызқь рҟынӡа акәылӡтәы машьынақәа, 80 инареиҳаны еиуеиԥшым ӷба. Зықьҩыла аррамаҵзурауааи арратә техникеи аҽазыҟаҵарақәа "Восток-2018" ашьҭахь рҭыԥқәа рахь ихынҳәуеит.

Иара убасгьы рышьҭахьҟа игьыжьуеит аҽазыҟаҵарақәа ирылахәыз Китаитәи Жәлар-рхақәиҭратә ари Монголиатәи арратә мчрақәеи рыррамаҵзурауаа. Дара алахәын аполигон "Цугол" аҿы имҩаԥысуаз аицҽазыҟаҵарақәа. Дара ари ауснагӡатә иалахәын Урыстәылатәи афедерациеи Ҟазахсҭани, Киргизиеи, Таџьыкистани, Китаии ареспубликақәеи рыбжьара арра аусхк аҟны агәреибагара арӷәӷәаразы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа инарықәыршәаны.

"Восток-2018" ҩ-етапкны еихшан. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан цәыббра 11 — 17 рзы, Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу инапхгарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0