Арадио

Ҷкотуа: ҳџьынџьуаа уанрыцхраауа, аҭыԥантәи ауаҩы игәы имыхьыртә еиԥш иҟаҵатәуп

Ауаажәларратә усзуҩ Окҭаи Ҷкотуа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иазгәеиҭеит нхара ҳәа Аԥсныҟа иаауа ҳџьынџьуаа ацхыраара анрырҭо, аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәы рмыхьыртә еиԥш ишыҟаҵатәу.
Sputnik
Ҷкотуа: иааз ҳџьынџьуаҩ уаницхраауа, аҭыԥантәи ауаҩы игәы имыхьыртә еиԥш иҟаҵатәуп

"Аҭыԥантәи ажәлар агәаҟра иҭагылоу имаҷымкәа иҟоуп, урҭ ргәы рыхьыртә еиԥш ухы мҩаԥыумгар ауп. Аԥышәара рҳәоит, Сталини Бериеи рхаан еиԥш еиҳау аԥышәара ыҟазам. Адгьыл рырҭон, ҩныхәыҷык рырҭон, ишьапы дызлақәгылаша, нас ауаҩԥсы иара ихы дахәон. Уажәы ҳара џьара хыбрак ааҳхәоит, мааҭк иаԥсоу жәамааҭк ҳәа иаҳарбоит, изаҳҭазгьы еиҵеигь аԥара ақәирӡыроуп, убас ицәырҵуеит агәынамӡара", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.