Ҷкотуа: иааз ҳџьынџьуаҩ уаницхраауа, аҭыԥантәи ауаҩы игәы имыхьыртә еиԥш иҟаҵатәуп
"Аҭыԥантәи ажәлар агәаҟра иҭагылоу имаҷымкәа иҟоуп, урҭ ргәы рыхьыртә еиԥш ухы мҩаԥыумгар ауп. Аԥышәара рҳәоит, Сталини Бериеи рхаан еиԥш еиҳау аԥышәара ыҟазам. Адгьыл рырҭон, ҩныхәыҷык рырҭон, ишьапы дызлақәгылаша, нас ауаҩԥсы иара ихы дахәон. Уажәы ҳара џьара хыбрак ааҳхәоит, мааҭк иаԥсоу жәамааҭк ҳәа иаҳарбоит, изаҳҭазгьы еиҵеигь аԥара ақәирӡыроуп, убас ицәырҵуеит агәынамӡара", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.