Дмитри Гәазаа Mitjet V аетап актәи аикәшараҟны аҩбатәи аҭыԥ ааникалеит

Урыстәыла Ахраҿа Mitjet аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит – аквалификациа аиуреи аиԥхныҩларақәа ҩбеи, жьҭаара 20 рзы, Шәача.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 21– Sputnik, Сария Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Гәазаа Урыстәыла Ахраҿазы акласс Mitjet V аетап актәи аикәшарақәа аҟны аҩбатәи аҭыԥ ааникалеит.

Дмитри Гәазаа Урыстәыла Ахраҿа Mitjet заанаҵы игар илшоит

Агәаҭаратә аиԥхныҩлара алҵшәақәа рыла Гәазаа дыҵҟьеит 11, иҩызцәа дрыхьӡаны аҩбатәи аҭыԥ ааникалеит.

Аиԥхныҩлара шьақәгылоуп 20 минуҭ аамҭеи, адистанциа знык акәшареи рыла. Иахьатәи аамҭазы Дмитри Урыстәыла Ахраҿа аетап аҿы даԥхьагылоуп. Иара уаанӡатәи аԥшь-етапк рҿы даиааихьеит.

Mitjet 2L иахьазы аларҵәара ду амоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, Америка. Иалахәуп 40 машьына. Асериа Mitjet – шьаҭаиркит афранцыз Жан-Филипп Даиро 2012 шықәса рзы.

Урыстәыла асериа Mitjet промоутерс иамоуп аилахәыра Arctic Energy.