Аурыс-аԥсуа ҳәааҿ даанкылоуп Урыстәыла атәылауаҩ

Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа дааныркылеит 43-шықәса зхыҵуа Пермтәи атәылаҿацә ауаҩԥсы, аҭыԥантәи аполициа дрырҭеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Афедералтә шьҭазаара змоу Урыстәыла атәылауаҩ даанкылан аурыс-аԥсуа ҳәааҿы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура.

"Иаанкылаз ахаҵа иганахь ала аамҭақәак раԥхьа Пермтәи атәылаҿацә аҟны ашьаус хацыркын УА АЗ ахәҭаҷ 119 ахәҭа 1 инақәыршәаны. Иара аҭакԥхықәра дацәцарцы дыбналеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәа иааныркылаз ахаҵа аҭыԥантәи аполициа дрырҭеит, уи анахыс Афедералтә ԥшаара аԥшьызгаз рахь инагаразы.