Анаркотик маҭәашьарақәа рыҭираз изышьҭаз ауаҩы аурыс-аԥсуа ҳәааҿ даанкылоуп

2017 шықәса рзтәи ицәгьоуразы изышьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ аурыс-аԥсуа ҳәааҿ даанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 25– Sputnik. Анаркотик маҭәашьарақәа рыҭираз изышьҭаз ауаҩы аурыс-аԥсуа ҳәааҿ даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзураҿы.

Ахаҵа даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" данахысуаз.

"Иеилкаахеит ахаҵа 2017 шықәса рзы Адыгатәыла анаркотикатә маҭәашьарқәа раахәара-рыҭира инапы ахьалакыз азы Афедералтә шьҭазаара иман аха иара усҟантәи аамҭазы дыбналаны иҽиҵәахит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳәаахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа ахаҵа Шәачатәи аполициа дрырҭеит ԥхьаҟа иус аҭҵааразы.