Кәарацхьелиа: ашьапылампыл азы ачемпионат абҵарамза алагамҭаз ихацҳаркуеит

Ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа изаамҭанытәиу XXVI ачемпионат азҵаарақәа ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп жьҭаара 27 рзтәи ҳаизараҿы ҳәа иҳәеит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа изаамҭанытәиу XXVI ачемпионат абҵарамза алагамҭаз ихацҳаркуеит уи азы азҵаарақәа ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп жьҭаара 27 рзтәи ҳаизараҿы ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Федоренко: Аԥсны ашьапылампыл абзиабаҩцәа рацәаҩны иамоуп

"Аизара мҩаԥысуеит жьҭаара 27 рзы. Ҳусура иныҭкааны ҳалацәажәашт", — иҳәеит иара.

Ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа аӡбрала 2018 шықәса инаркны ареспубликаҿ ачемпионат мҩаԥыслоит ҭагалан-ааԥын асистемала.

"Уи ахәмарыҩцәагьы ахәаԥшцәагьы рзы иманшәалоуп. Иагьшорам, иагьхьҭам. Адунеи зегь аҿы абри асистемахь ииасхьеит. Ҳаргьы ҳаиасит", — иҳәеит Кәарацхьелиа.

Ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа иажәақәа рыла изаамҭанытәиу XXVI ачемпионат абҵарамза алагамҭаз ихацыркхоит.