АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik. 16-шықәса зхыҵуаз Аԥснытәи аҷкәын дыбналаны Урыстәылаҟа ацара шигәҭакыз аҳәаахьчаҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы дааныркылеит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
"16-шықәса зхыҵуаз аҷкәын Ԥсоу аӡиас иху аихамҩа дықәланы Урыстәылаҟа диасырц даҿын. Урыстәылатәи аган аҿы иара аҳәаахьчаҩцәа дааныркылеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҷкәын аҩнынтәи дыбналеит иҭаацәеи иареи ироуз аимак ашьҭахь. Ишеилкаахаз ала Урыстәыла иара ауацәа-аҭынхацәа ҳәа уаҩ димам.
Зықәра намӡац ашьаус раҵаркра ахьыҟамло азы иара ареспублика амчрақәа дрыҭан.