Аҳәаахьчаҩцәа Аԥсынтәи ибналарц иаҿыз аҷкәын қәыԥш дааныркылеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный переход "Псоу"
Пограничный переход Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы инкылаз аҷкәын қәыԥш ареспублика амчрақәа дрырҭеит.

АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik. 16-шықәса зхыҵуаз Аԥснытәи аҷкәын дыбналаны Урыстәылаҟа ацара шигәҭакыз аҳәаахьчаҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҿы дааныркылеит, ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

"16-шықәса зхыҵуаз аҷкәын Ԥсоу аӡиас иху аихамҩа дықәланы Урыстәылаҟа диасырц даҿын. Урыстәылатәи аган аҿы иара аҳәаахьчаҩцәа дааныркылеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҷкәын аҩнынтәи дыбналеит иҭаацәеи иареи ироуз аимак ашьҭахь. Ишеилкаахаз ала Урыстәыла иара ауацәа-аҭынхацәа ҳәа уаҩ димам.

Зықәра намӡац ашьаус раҵаркра ахьыҟамло азы иара ареспублика амчрақәа дрыҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0