Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ӡиӡариа иԥсҭазааратә мҩа иазкны
© Sputnik
"Иахьа ихьыԥшым аҳәынҭқарра ҳауит, ҳнапаҿы зегьы ыҟоуп, еихаҳаны иҟаҳҵароуп. Сгәы дууп сыхшара рыла: сыԥҳа аиҳабы ибзиан далгеит амедицина аганахьала аҵараиурҭа, Москва аус луеит, уа дааныркылеит. Агәыбжьанытә лакәзар: ашәахәтәқәеи аизгақәеи рхеилак аҿы аус луеит, аиҵбы ибзиан аҵара лҵоит. Баша ҳмааԥсеит сыԥшәмеи сареи, убри ауп са сзы игәырӷьароу", — ҳәа азгәеиҭеит Ӡиӡариа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.