Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Оҭар Ӡиӡариа: астудент аҵарахьы агәаҳәара анимоу, еиӷьу ыҟам

© SputnikОтар Дзидзария
Отар Дзидзария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 1 азы аҵарауаҩ, абызшәадырыҩ Оҭар Ӡиӡариа ихыҵит 65 шықәса. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иара еиҭеиҳәеит иԥсҭазаараҿы еиҳарак агәахәара изҭоу.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ӡиӡариа иԥсҭазааратә мҩа иазкны

"Иахьа ихьыԥшым аҳәынҭқарра ҳауит, ҳнапаҿы зегьы ыҟоуп, еихаҳаны иҟаҳҵароуп. Сгәы дууп сыхшара рыла: сыԥҳа аиҳабы ибзиан далгеит амедицина аганахьала аҵараиурҭа, Москва аус луеит, уа дааныркылеит. Агәыбжьанытә лакәзар: ашәахәтәқәеи аизгақәеи рхеилак аҿы аус луеит, аиҵбы ибзиан аҵара лҵоит. Баша ҳмааԥсеит сыԥшәмеи сареи, убри ауп са сзы игәырӷьароу", — ҳәа азгәеиҭеит Ӡиӡариа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0