Хра злоу ахҭысқәа: Кәарацхелиаԥҳа "Кьоџьаа рҭыӡшәа" иазкны
© Sputnik
Аурыс драматә театр аҿы ахәаԥшцәа абҵара 8, 9, 15 рзы идырбахоит Карл Гальдони иҩымҭала ақәыргыламҭа "Кьоџьаа рҭыӡшәа".
"Маҷк ҳшәоит, избанзар, ақәыргыламҭа иалахәуп актиорцәа ҿыцқәа. Ҩымш ҵуеит асааҭ жәба инаркны жәеизанӡа аҿазыҟаҵарақәа ҳарҿуижьҭеи. Аиашазы, ас еиԥш аусура ҳашьцылахьеит, Москва аҵара анаҳҵоз аахыс. Ари ақәыргыламҭа даара иаҳзааигәоуп, ирацәоуп аимак- аиҿак, убри аҟнытә изымбац рзы даара аинтерес аҵахоит", — ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.